Аԥсны Жәлар Реизара
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент - ихадоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә азакуанԥҵаратә орган оуп.
Аԥсны Жәлар Реизара шьақәгылоуп 35-ҩык адепутатцәа рыла, хәы-шықәса иалырхыз. Алхрақәа мҩаԥысуеит зегьы еицырзеиԥшу, еиҟароу, изныктәиу алхратә зинтә шьаҭа инақәыршәаны, маӡа бжьыҭирала.
Афункциақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара:
1) иаднакылоит Аконституциеи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи;
2) иаднакылоит аҭыԥантәи аҳәаақәа рыԥсахрақәа ирызку ақәҵарақәа;
3) иазыӡырҩуеит атәылаҿы ҭагылазаашьас иҟоуи, аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәеи, нас урҭ рымҩаԥгареи ирызку Аԥсны Ахада инашьҭымҭақәа;
4) иахәаԥшуеит егьышьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарра абиуџьет, уи анагӡарагьы хылаԥшра азнауеит;
5) иаднакылоит ашьауӷатә, ашьауӷатә-усеилыргаратә, амҩақәҵаратә-џьатә, атәылауаҩратә, атәылауаҩратә-усеилыргаратә, аиныршәаратә уҳәа азакәанԥҵарақәа, аӡбареиҿкаареи апрокуратуреи ирызку азҵаарақәа;
6) имҩаԥнагоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи реилыркаара иазку аусқәа;
7) ишьақәнаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи, аҳаҭыртә, арратә хьӡалкаақәеи;
8) ишьақәнарӷәӷәоит, ишыԥнарго рыланаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа;
9) иалнахуеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳаби уи ихаҭыԥуааи;
10) амаҵура ианаҭоит, рхы иақәиҭнатәуеит, азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Ахада иқәиргыло Апрокурор Хадеи, Амилаҭтә банк Ахантәаҩи, егьырҭ амаҵурауааи;
11) иаднакылоит Аминистрцәа Реилазаара иалахәу џьоукы бжьыҭирала иӡбоу рыгәрамгара рылаҳәара иазку ақәҵарақәа;
12) Аԥсны Ахада ахара иднаҵоит уи имаҵура нижьразы;
13) ирыланаҳәоит амнистиа;
14) иаӡбоит аибашьра рылаҳәареи аинышәара рыбжьаҵареи ирызку азҵаатәқәа;
15) иаӡбоит Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыламкьысра азҵаатәқәа;
16) иаӡбоит и3ыдоу аҭагылазаашьеи аибашьратә ҭагылазаашьеи ралагалара ахьынӡазинрку;
17) инанагӡоит Аконституциеи Аԥсны азакәанқәеи иадырҵо егьырҭ азинмчхарақәа.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аилакқәа
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ааба Аилакқәак амоуп:
– Аҳәынҭқарратә-зинтә политика рзы Аилак;
– Афинансқәеи ашәахтәқәеи, абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи рзы Аилак;
– Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Аилак;
– Асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы Аилак ;
– Аҵареи аҭҵаареи абызшәатә политикеи амассатә информациа ахархәагақәа русуреи рзы Аилак;
– Акультуреи аҿари аспорти русқәеи рзы Аилак;
– Аитәылауаа рымадареи апарламентбжьаратәии жәларбжьаратәии аимадареи рзы Аилак;
– Аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы Аилак.
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабцәа
1) Џьынџьолиа, Сократ Рач-иԥа — I - II-тәи ааԥхьара (1994-2002 ш.)
2) Ашәба, Нугзар Нури-иԥа — III - IV-тәи ааԥхьара (2002-2012 ш.)
3) Бганба, Валери Рамшьыхә -иԥа — V-тәи ааԥхьара (2012-2017 ш.)
4) Кәарҷиа, Валери Еремеи-иԥа — VI-тәи ааԥхьара (2017- )
IV-тәи ааԥхьара Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламента адепутатцәа руак
# | Алхратә округ | Адепутат | Affiliation | Notes |
---|---|---|---|---|
1 | Аҟәа | Ҭалих Ҳәатышь | ||
2 | Аҟәа | Сенер Гогәуа | ||
3 | Аҟәа | Рита Лолуа | ||
4 | Аҟәа | Баҭал Кобахиа | ||
5 | Аҟәа | Лев Шамба | ||
6 | Аҟәа | Ирина Агрба | Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ | |
7 | Аҟәа | Павел Лешьук | ||
8 | Пиҵунда | Роман Бениа | ||
9 | Бзыԥ | Валерии Бганба | ||
10 | Гагра | Амра Агрба | ||
11 | Гагра | Валерии Кондаков | ||
12 | Цандрыԥшь | Валерии Маиромиан | ||
13 | Otkhura | Гаррик Саманба | ||
14 | Дәрыԥшь | Гәрам Гәмба | ||
15 | Лыхны | Михаил Сангәлиа | ||
16 | Гәдоуҭа | Владимир Начач | ||
17 | Аацы | Виачеслав Цыгәба | Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ | |
18 | Афон Ҿыц | Виталии Смыр | ||
19 | Йашыра | Лев Аҩыӡба | ||
20 | Гәымсҭа | Альберт Овсепиан | Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ | |
21 | Баслаҭа | Валерии Кәарҷиа | ||
22 | Pshap | Сергеи Матосиан | ||
23 | Machara | Виктор Висилиов | ||
24 | Дранда | Адгәр Харазиа | ||
25 | Beslakhuba | Иурии Зыхәба | ||
26 | Ҷлоу | Заур Адлеиба | ||
27 | Кәтол | Нугзар Ашәба | Аиҳабы | |
28 | Аҭара | Ҭемыр Кәыҵниа | ||
29 | Очамчыра | Беслан Џьопуа | ||
30 | Тҟәарчал | Даур Аршба | ||
31 | Тҟәарчал | Алеқсандр Ченгелиа | ||
32 | Уақәым | Емма Гамсаниа | Elected in by-election after the death of Омар Кәарҷиа | |
33 | Ҷубурхьынџь | Иурии Кереселидзе | ||
34 | Гал | Виачеслав Ҩардан | ||
35 | Shashikvar | Бежан Убириа |
Абара
Авикимедиаҿ еизгоуп абри атема иазку афаилқәа: Аԥсны Жәлар Реизара |