Наполеон Бонапарт

Наполеон I. Бонапарт (акорс. Napulione Buonaparte, аитал. Napoleone Buonaparte, афр. Napoléon Bonaparte нанҳәамза 151769 ш., Аиаччо, Корсикалаҵарамза 51821 ш., Лонгвуд, Ацқьа Елена лыдгьылбжьаха) — Франциа аимператор.

Наполеон Бонапарт

Диит 1769 шықәса нанҳәамза 15 рзы Корсика адгьылбжьахаҿы. Франциа, иеиԥш зеиԥшыз афырхаҵа дмаҷын. Уи иҭаацәа арахь Италиантәи 16-тәи ашәышықәсазы иааит. Иара ихьӡҵәҟьа Наполеоне акәын, милаҭла – корсикатәи италианецын.

Иара иаб ддукатын, афранцызцәа ирҿагылаз дрыдгылан. Наполеон аррнапхгаҩ дуны, револиуционерны иҟалара амзызқәа ируакзар ҟалоит арадикалтә ҟазшьа змаз аҭаацәа рҿы иахьизҳауаз. Наполеон 9-шықәса анихыҵуаз, иаб Бринеҟа дишьҭуеит Париж иҟаз франциатәи арратә еиҳабыратә школ ахь. Уаҟоуп арратә ҵара ахьиоузгьы. Иара артиллеристи офицер ҵареи дҭан. Иҵара даналга, 16 шықәса шихыҵуаз афранцызцәа рыр далалеит.

Наполеон 1792 шықәсазы идырҵеит Париж аусура. Афранцыз монархиа анахырҳәа ашьҭахь лаҵарамза 1792 шықәсазы, акапитан ихьӡ аҟынӡа дхагалан. 1793 шықәсазы артиллериа дәықәиҵеит амацәыз иҭакыз Тулуз агаразы. Хара имгакәа, Тулуз анкаҳа, Наполеон абригадатә еинралры аҟынӡа дхагалан. Уи Италиа афранцызцәа рыр анапхгаҩы даҭан, австриатәи аинралцәагьы аӡәырҩы дыриааит. 1779 шықәсазы Адиректориа захьӡыз франциатәи аиҳабыра хырбгаланы х-консулк рыла ишьақәгылаз аиҳабыра ҿыц аԥиҵеит, уа иара консул хаданы дыҟан. Убри аамҭазы дарбан францыззаалак Наполеон бзиа дибон, дизгәдуун; имчхарагьы ӷәӷәхеит. 1802 шықәсазы Франциеи, Англиеи, Германиеи аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Наполеон Франциа Ауниверситет еиҭашьақәиргылеит, Франциа Абанк аԥиҵеит. Иара убас иаԥиҵеит Наполоеон икодекс: раԥхьатәи иаазыркьаҿу афранцыз закәан аилыркаа. Наполоеон икодекс дунеи зегьы аҿы аиуристтә система аԥҵаразы шьаҭас иаиуит. Хара имгакәа уи аиҳабыра иԥсахын Франциа аимператорс ихьӡ рылаиҳәеит. Австриа аимператор Мари Луиза ԥҳәысс дигеит. Аԥа диоуит. Шьҭа аимпериа ду дахагылан, 42 миллионҩыуаак напхгара риҭон.

Абри ашьҭахь Урыстәыла агара иҽазикын, иимпериа хыбгало иалагеит. 1814 шықәса апрель мза 6рзы Наполеон дахҳәаны Ельба адгьылбжьахалахь дахыган. Шықәсык аҟара ҵхьан еиԥш, 1000-ҩык раҟара ар еизиган париж далалеит еиҭа амчра инапахьы ааигарц азы. Аамҭа кьаҿк мчраҟны дыҟан, ашьҭахь англызқәа иҽриҭеит.

Алада Атлантика иҟоу Ацқьа Елена лыдгьылбжьахалахь дахцан, иԥсҭазаара далҵаанӡа 1821 шықәса лаҵарамза 5 рзынӡа ара дыҟан. Изларҳәо ала, акьыба чымазара дагеит, аха ахәшә ирҭеит ҳәа зҳәогьы ыҟоуп.

Алитература

🔥 Top keywords: Ихадоу адаҟьаАвикипедиа:Афорум60611344466Цастәи:АԥшаараАвикипедиа:Бзиала шәаабеитАвикипедиа:ОписаниеСоломин, Алеқсандр Владимир-иԥаБагаԥшь, Сергеи Уасил-иԥаАԥсны АҳәынҭқарраАшаблон:Interwiki redirectЦастәи:АрҽеираҾыцқәаШьынқәба (аҵакырацәара)Авикипедиа:Aкатегориақәа алԥшаараМегахшыбаҩАршба (аҵакырацәара)УрыстәылаАвикипедиа:Алфавиттә арбагаАвикипедиаАрӡынба (аҵакырацәара)Цастәи:АрхиарақәаКитаиАлахәыла:თეკა/lexiconАҟәа1900КениаАнглыз бызшәа42011Косово5Цастәи:СахцәажәараИапониа2021Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа2003Велики НовгородАшаблон:Участник SWMTАкатегориа:Аҵакырацәара1856Ԥақәашь197719951959Араб бызшәа951978Аԥсуа бызшәа11918Авикипедиа:Урҭ астатиақәа рхархәара96Путин, Владимир Владимир-иԥаYouTubeАвикипедиа:АцҳаражəҳəарҭаАԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа41Атомат202340252ҚырҭтәылаАнқәаб (аҵакырацәара)Брунеи1905Елцин, Борис Николаи-иԥа531955Анқәаб, Александр Золотинска-иԥаЕвропаУкраина1976Алахәыла:Surprizi479Абжьыуа жәлақәаАсанскрит бызшәа1929АндорраАуриа бызшәаЕрмантәыла62Ақьырсианра1798191276АзиаАшәба (аҵакырацәара)Акатегориа:2000 шықәсазы иизАкатегориа:Алитература абызшәақәа рылаБелоруссиаБаҳреин60Авикипедиа:Астатиа бзиаКабо-Верде1908